Смотреть в Telegram
Гуарапский писарь
Forwarded from
Инфоцентр
3:46
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Очамчыра араион Тамышь ақыҭан Аҳәынҭқарра ахада дидгыланы дцәажәеит ауаажәларратә палата алахәыла Давид Ԥлиа.
«Иахьа ҳтәыла арыцҳара ду иақәшәеит, ҳажәлар рыцҳашьатәуп, аибашьра аахыс ҳаԥсадгьыл акубақәа рацәаны иабахьеит. Урҭ рхықәк дуқәа рыманы иаауеит.
Абарҭ ахҭысқәа ҳаԥсадгьыли ҳаиааиреи аҵыхәанӡа иҭганы иргоит.
Актәи "ахьтәы" парламент иҟаз среиуоуп, Аибашьра ианалагоз аԥҟарақәа аҳәынҭқарра иқанаҵоз рыгәҭа сыҟан. Иахьа сыблақәа ирбо, ԥхыӡла избаргьы агәра згомызт. Иахьа даара исцәыцәгьоуп ацәажәара, ацәаныррақәеи алаӷырӡқәеи еилаԥсоуп, исҭаху зегьы сзымҳәар ҳәа сшәоит.
Мызқәак рышьҭахь алхрақәа ыҟоуп, ажәлар иалырхыз ахада иахьа аусура алшара иаҳҭоит, нас ажәлар рхала ирыӡбоит иалырхыша
. Заанаҵтәи алхрақәа ртәы ауп излацәажәо, аха аԥсуа жәлар ари азин рырҭом, иагьырҭаххаӡом. Ауаа еизалар рылшоит, еизыргар рылшоит. Ирылшома ауаа рҿаԥхьа рхы аарԥшра?
❗️
Сара сгәанала, зегьы иреиӷьуп аҳәынҭқарратә хыбрақәа рҟны ишакәым зхы мҩаԥызымгаз ахыбрақәа, аҳәынҵәа зықәырҭәаз аҳәынҭқарра асимвол,
урҭ ааныжьны, уахьынтә идәылҵны, зегьы рырҽеироуп.
✔️
Аҳәынҭқарратә мчрақәа рҭыԥқәа рахь ихынҳәыроуп, иҟалараны иҟамыз акы ҟамларц азы. Ажәлар рхала иаанхар, анапхгара ҟамлакәа, еиҳагьы еицәоу акы ҟалар алшоит.
Иахьа ҳазҭагылоу Тамшьшь ақыҭа, аибашьраан зегь реиҳа агәаҟрақәа зхызгаз, зпатреҭқәа кнаҳау афырхацәа, Аԥсны зхы ақәызҵаз, ҳаҩнқәа, ҳбызшәа, ҳкультура еиқәзырхаз, изыхьчоз афырхацәа.
❗️
Ари иашам, ари гәнаҳароуп!
Ашьхангьери Бжьаниа ихылҵшьҭра, иҭынха ахьымӡӷ аҳмыргап, Абжьауаа ахьымӡх иаҳмыргап, апрезидент ҳивагылап, ҳаидгылап», – иазгәеиҭеит Ԥлиа.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Поделиться
Love Center - Dating, Friends & Matches, NY, LA, Dubai, Global
Бот для знакомств
Запустить